Аԥсны

"Ахәаԥшҩы ида ҳзыҟалом": асахьаҭыхҩы Гәыранда Барцыцԥҳа илызкны

Ԥхынҷкәын 8 асахьаҭыхыҩцәа жәларбжьаратәи рымш ауп. Ари арыцхә инамаданы лыӡбахә шәзеиҭасҳәар сҭаххеит Лӡаатәи асахьаҭыхыҩ, зусумҭақәа рыла ахәаԥшцәа хызххьоу Гәыранда Барцыцԥҳа.
Sputnik
Саида Жьиԥҳа, Sputnik
Гәыранда Барцыцԥҳа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет доушьҭымҭоуп. 2012 шықәсазы адизаин азанааҭ ала қәҿиарала лҵара хлыркәшеит. Уи ашьҭахь, лбаҩхатәра аӡбахә заҳахьаз, Гагра араион акультура аҟәшаҟны лхатә цәыргақәҵа еиҿылкаарц алшара лырҭеит. Убасҟан ауп аԥҳәызба раԥхьаӡакәны лусумҭақәа ажәлар рыҩнуҵҟа алаҵәара анроу. Анаҩс, Гәыранда ааԥхьара лырҭо иалагеит, еицырдыруа аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа еицырзеиԥшыз рцәыргақәҵақәа рахь. Ахатәрақәа русумҭақәа ирывагылаз аԥҳәызба қәыԥш лсахьаҭыхымҭақәа иҟәнушьо иҟамызт. Дара автор лхатә знеишьа рнубаалон.
"Сара сусумҭақәа ахәшала изыҩуеит, мастихин ҳәа изышьҭоу схала исҵаз атехникала. Уи иаанаго иҷыдоу амаругала ижәпаны ашәыга ахьшьра ауп. Исымоуп ашәыгахьшьыгала иҭыху, аҩыгала иҟоу аграфика, убас акварельтә усмҭақәа", - лҳәоит асахьаҭыхҩы.
Аԥсны
Ҳбызшәеи ҳҟазареи ҳмалқәа зегьы иреиҳауп: асахьаҭыхҩы Нугзар Лагәуа иҿцәажәара - I ахәҭа
Гәыранда лхы алалырхәхьеит Москва "Марафон искусств" ҳәа 2016 шықәсазы еиҿкааз ацәыргақәҵа, 2021-2022 шықәсқәа рзы лхатә цәыргақәҵақәа Аҟәа, Гәыма аплатформаҟны имҩаԥган. Асахьаҭыхҩы лусумҭақәа зқьы иреиҳауп. Урҭ раӷьырак Аԥсни аҳәаанырцәи ахатә коллекциақәа рҿы иӡыргоуп. Убас Краснодартәи амузеиқәа руак аҟны, егьырҭ аԥсуа культуреи абзазареи ирыдҳәалоу аекспонатқәа рыгәҭа иҟоуп.
Иахьазы Гәыранда Барцыцԥҳа атехника ҿыц лнапаҟны иаалгоит ҳәа даҿуп. Аха уи макьана имаӡоуп лҳәоит аԥҳәызба.
"Аус анызуа, бзиа избоит схаҭа сзыршанхо ахԥышәарақәа рымҩаԥгара. Урҭ иахьанӡа исықәманшәалахон, агәра згоит уажәы иалазгало атехника ҿыцгьы сықәҿиап ҳәа. Гәыбӷан сышәымҭан, аха уи макьана иӡырызгаӡом", - инаҵылшьит сажәабжьҳәаҩ.
Гәыранда Барцыцԥҳа лсахьақәа лара лзы аҵак ду шрымоугьы, урҭ рыҭира, мамзар ҳамҭас ашара лзымариоуп. Избанзар асахьаҭыхҩы ахәаԥшҩы димазароуп. Убасҟан ауп иара изанааҭ аҟны данышьақәгыло. Амала иҟоуп сахьаҭыхымҭак, игәаӷьны аӡәы инапаҟны иналымго. Уи Бедиатәи аныхабаа ахьаарԥшу ауп.
1 / 14

Гәыранда Барцыцԥҳа лусумҭақәа

2 / 14

Гәыранда Барцыцԥҳа лусумҭақәа

3 / 14

Гәыранда Барцыцԥҳа лусумҭақәа

4 / 14

Гәыранда Барцыцԥҳа лусумҭақәа

5 / 14

Гәыранда Барцыцԥҳа лусумҭақәа

6 / 14

Гәыранда Барцыцԥҳа лусумҭақәа

7 / 14

Гәыранда Барцыцԥҳа лусумҭақәа

8 / 14

Гәыранда Барцыцԥҳа лусумҭақәа

9 / 14

Гәыранда Барцыцԥҳа лусумҭақәа

10 / 14

Гәыранда Барцыцԥҳа лусумҭақәа

11 / 14

Гәыранда Барцыцԥҳа лусумҭақәа

12 / 14

Гәыранда Барцыцԥҳа лусумҭақәа

13 / 14

Гәыранда Барцыцԥҳа лусумҭақәа

14 / 14

Гәыранда Барцыцԥҳа лусумҭақәа

"Урыстәылатәи асахьаҭыхыҩцәеи ҳареи, 2017 шықәсазы иаҳзеиԥшыз апленер аан аҭыԥ аҟны сааҭқәак рыла иҭысхыз ауп ари аусумҭа. Уи аҽны амш бааԥсын, ақәа ауан, аԥша асуан, аха сара исҭаххеит Бедиатәи аныхабаа аҵакыраҿы сшыҟаз, ус уа ихсыркәшарц. Асахьаҟны иаасырԥшит аҽнытәи атмосфера. Даара исгәаԥхоит аԥҭа хәашьқәа иргәылубаауа ажәҩан иаҵәа", - абас лусумҭа далацәажәоит автор.
Гәыранда Барцыцԥҳа асахьа анҭылхуа, егьа агәалаҟазаара лымамзаргьы лмаругақәа анаацәырылго лцәаныррақәа рҽырыԥсахуеит. Лгәы шьҭыҵуеит, илызцәырҵуеит аидеиа ҿыцқәа. Лара илымаӡам ихыркәшам аусумҭақәа. Зегьы аҵыхәанӡа иналыгӡоит. Лсахьақәа рҟны ақалақьтә пеизажқәа аалырԥшуеит. Убас анатиурмортқәа.
"Ҽнак сгәы иҭамкәа абалет кәашацәа рҭыхра салагеит. Схаҭа иџьасшьеит. Урҭ убри аҟара исгәаԥхеит, саанымгылакәа акыр усумҭа аԥысҵеит. Нас еилыскааит, сҟазара зҟынтә иаауа сан Маиа Харабуаԥҳа данқәыԥшыз, дара рҭыхра бзиа ишылбоз. Аха урҭ асахьақәа иахьа уажәраанӡа иаанымхеит", - ҳәа азгәалҭоит Гәыранда.
Асахьаҭыхҩы аиҳарак аҩны аус луеит. Апленерқәа рахь ааԥхьара шлырҭогьы, еиӷьалшьоит лхала лҟазара даназынхо.
Аԥсны
Дуӡӡак аҟынтәи ҳаауеит: Амиран Адлеиба иҿцәажәара
Гәыранда Барцыцԥҳа Аԥсны акырџьара дныҟәахьеит. Иҭылҵаахьеит архитектуратә баҟақәа. Урҭ хымԥада лусумҭақәа рҟны иаарԥшуп. Аҟәатәи амшын аԥшаҳәа, асасааирҭа "Риҵа", "Аколоннада", Аҟәа ақалақь ахадара, Гагратәи ақьафурҭа "Гагрыԥшь" уҳәа ирацәаӡоуп ҳмилаҭ-культуратә ҭынха знубаало асахьақәа.
"Аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа аразҟы ҳамоуп, абас еиԥш шәаԥыџьаԥлеи архитектуралеи ибеиоу атәылаҟны ҳахьииз. Уи ҳҟазара аҿиараҿы шьаҟа ӷәӷәааны иҳаҵагылоуп", - лҳәеит лара.
Ҳсахьаҭыхыҩцәа рнапы иҵыҵуа асусумҭақәагьы культуратә ҭынхоуп. Дара иаци, иахьеи, уаҵәи Аԥсны аҭоурых иашаҳаҭцәоуп.