Сынтәа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет диплом ҟаԥшьла иалгеит 45-ҩык.
Зҵара бзиаӡаны ихзыркәшаз апедагогикатә факультет аушьҭымҭа Сати Ҭаниаԥҳаи аҭоурыхтә факультет аушьҭымҭа Милана Шамԥҳаи арадио Sputnik аҟны еиҭарҳәеит рҵара апроцесс шымҩаԥысуаз.
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет диплом ҟаԥшьла алгара мариаӡам, аха арҵаҩцәа рыцхыраара иабзоураны ҳҵара бзиаӡаны ихҳаркәшеит рҳәеит аушьҭымҭацәа.
Милана Шамԥҳа далгеит аҭоурыхтә факультет, лара лажәақәа рыла, лкурс аҿы аҵара рҵон 9-ҩык, урҭ рахьынтә быжьҩык ибзиаӡаны рҵара хдыркәшеит. Ҭаниаԥҳа лкурс аҟынтәи диплом ҟаԥшьла иалгаз лара заҵәык лоуп.
Сати Ҭаниаԥҳа аус луеит Кьалашәыртәи абжьаратә школ аиҵбыратәи аклассқәа рҵаҩыс, Милана Шамԥҳа лакәзар ААУ аҭоурыхтә факультет аҟны аусура лыдыргалеит.
Инарҭбааны аиҿцәажәара шәахәаԥшыр шәылшоит авидеонҵамҭаҟны.