АҞӘА, ԥхынҷкәын 8 — Sputnik. Аԥсны ашколқәа рҿы аурокқәа дыркьаҿыр алшоит алашараз иалагалоу аамҭеихша ҿыц иахҟьаны ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит аҵара аминистр ихаҭыԥуаҩ Ада Кәарҷелиаԥҳа.
"Ҳара ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи еиуеиԥшым аусуратә сааҭқәа ҳрызхәыцуеит. Иҟалап, аамҭа ҳаркьаҿыр", — лҳәеит лара.
Кәарчелиаԥҳа иазгәалҭеит, аҵараиурҭақәа агенераторқәа рыла аиқәыршәара рҽшазыршәо, аха уи азы абылтәы ахарџь шацло.
Ашәахьа, Аҵара аминистрра ареспублика иахьаҵанакуа ашколқәа рҿы иҟоу аҭагылазаашьақәа гәаҭаны, анаҩстәи русуразы аӡбамҭа рыдыркылоит.