АҞӘА, ԥхынҷкәын 8 — Sputnik. Дамаск ақәылацәа иааныркылеит, аха урҭ макьана Аԥсны ацҳаражәҳәарҭахь имнеиӡацт ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Адәныҟатәи аусқәа рминистр и.н. Сергеи Шамба.
"Сара абаржәы ацҳаражәҳәаҩ сиацәажәон. Дамаск ааныркылеит, аха ацҳаражәҳәарҭахь имнеиӡеит, ирҭаххар — иҩналоит. Ирԥырхагахода?", — иҳәеит Шамба.
Иара иажәақәа рыла, аԥсуа дипломатцәа уажәазы рҭыԥқәа рҿы иаанхоит, урҭ урыстәылатәи рколлегацәеи дареи еимадоуп.