АҞӘА, ԥхынҷкәын 9 — Sputnik. Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра ҳтәыла ахәшәтәырҭа-профилактикатә усбарҭақәа хәшәыла реиқәыршәареи аԥара рзоужьреи рҟны ауадаҩрақәа амоуп, уи арҽеиразы аусурақәа цоит. Абри атәы иҳәеит аминистр ин.н. Едуард Быҭәба имҩаԥигаз аилатәараҟны.
Уи адагьы Аԥсни Урыстәылеи рыхәшәтәырҭақәа рҟны зҽызыхәшәтәуа атәыла ауааԥсыра рыхәшәтәразы аԥара азоужьра хәҭа-хәҭаа имҩаԥысуеит, атәыла афинансқәа рминистрреи ирыбжьоу аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны.
Быҭәба иажәақәа рыла, афымцалашара арцәара иахьмырԥшкәа ачымазцәа иахәҭоу ацхыраара рырҭоит. Агәабзиарахьчара аминистрра аколлектив аус шыруц ируеит иҳәеит аминистр инапынҵақәа назыгӡо.