Аԥсны

Аԥсны мышкы ф-сааҭк иреиҳамкәа фымцалашарала еиқәыршәахар алшоит

Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 9 – Sputnik. Аԥсны мышкы ф-сааҭк иреиҳамкәа фымцалашарала еиқәыршәахар алшоит ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Аенергетика аминистр инапынҵақәа назыгӡо Џьансыхә Нанба, Аминистрцәа реилазаараҿы имҩаԥысуа аилатәараҿы.
Нанба иажәақәа рыла, Урыстәылантәи иаауа афымцалашара ахә ахәшәаауп иааиуа уахыки-ҽнаки рзы.
"Уаҳа царҭа змам аҭагылазаашьа аан ЕгрыГЕС аҟынтәи атәыла фымцамчла аиқәыршәарахь ҳаиасыр акәхоит, усҟан Аԥсны зегьы алашара аиулоит ф-сааҭк еиҳамкәа", — азгәеиҭеит Нанба.