Аҟәа Аршба имҩаду аҿы игылаз ажәытә хыбра, аферментациатә зауад ахьыҟаз, ирбгоуп. XX -тәи ашәышықәса алагамҭаз иргылаз ахыбра аҭоурыхтә баҟақәа ирхыԥхьаӡалоуп. Иахьазы иҟоу адыррақәа рыла, аргылара зҭакԥхықәу аусбарҭақәа рҟынтәи ақәгаразы азин ыҟаӡамызт, уимоу, аԥшәма ишихатәу азы макьана ашәҟәқәагьы харҭәаам, апроектгьы ыҟаӡам. Ас еиԥш аҭагылазаашьа шышьақәгылаз, аҭакԥхықәра зду, аҭоурых-культуратә ҭынха иаҵанакуа ахыбрақәа иназыцҵоу рсиа шышьақәдыргыло, урҭ рыхьчаразы мҩас иҟоу атәы, арадио Sputnik аефир аҟны далацәажәеит Аҭоурых -культуратә баҟақәа рыхьчаразы аҳәынҭқарратә усбарҭа аиҳабы Гарри Сангәлиа.
Иара игәаанагарала аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчаразы Аԥсны иҟазароуп абаҟақәа ринспекциа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.