Арадио

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Сангәлиа "Еиҭамҵуа амазара акадастр азы" азакәан иазкны

Sputnik
Аԥсны Апарламент адепутатцәа "Еиҭамҵуа амазара акадастр азы" азакәан апроект аҩбатәи, аҵыхәтәантәи аԥхьарала ирыдыркылеит. Азакәан атәылаҿы еиҭамҵуа амазаразы азинқәа рҭаҩреи ашәҟәы рҭагалареи, уи азы аинформациа аҵәахреи рсистема аҟамзаареи, еиҭамҵуа амазара акадастр зынӡагьы иахьыҟами инарымаданы ихымԥадатәиуп. Акадастр аныҟәгара аԥҟара, уи аҟынтәи адыррақәа рыҭара уҳәа убас егьырҭ апроцедуратәи атехникатәи ҟазшьа змоу азҵаарақәа азакәанԥҵараеиҵаҟәша ашәҟәынҵақәа рыҩаӡарала иҭышәныртәалахалоит. Ари азакәан иаанартуа алшара ҿыцқәа ртәы дырзааҭгылеит Аҳәынҭқарратә акадастртә палата аиҳабы Ҭемыр Сангәлиа.
Инарҭбааны аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.