АҞӘА, ԥхынҷкәын 9 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Sputnik апресс-центр аҿы ауаажәларратә еиҿкаара "Аԥсны аҳәса Реидгыла" аӡыргара иазкыз апресс-конференциа мҩаԥысит.
"Иахьа, аԥхарратә, аиҩызаратә ҭагылазаашьа аманы ишәыдаагалоит ауаажәларратә еиҿкаара ҿыц – "Аԥсны аҳәса Реидгыла". Аидгыла ҿыц аҿаԥхьа даара аҭакԥхықәра ду змоу аусқәа ықәгылоуп – ҳаԥсадгьыл аизҳареи ашьапы ақәгылареи рҟны ацхраара, ҳтәылауаа доуҳала реизааигәатәра, атрадициатә, аҭаацәаратә, акультуратә малқәа реиқәырхара", - ҳәа азгәалҭеит Аԥсны аҳәса Реидгыла ахантәаҩы Викториа Хәырхәмалԥҳа.
Лара илҳәеит ԥхьаҟазы аиҿкаара иазԥхьагәаҭоит абаҩхатәра злоу, амч-алшара злоу, апрогресси адемократиеи рзы иқәԥо, зсоциалтә ҭагылазаашьа уашәшәыроу ауаажәларра рыхәҭа ринтересқәа, ихадароу адоуҳатә малқәа – аҭоурых, абызшәа, акультура зыхьчоу аҿар аидгыла аусура ралархәра ҳәа.
"Аԥсны аҳәса Реидгыла аԥҵаразы агәҭакы ҳамеижьҭеи акыр ҵуан, ҳара уи ҳазхәыцуан, ҳҩызцәеи ҳаиԥш ихәыцуа ауааи рабжьагарақәа ҳарзыӡырыҩуан. Ҳара иҳамоуп ҳапланқәеи ҳагәҭакқәеи зныԥшуа аԥҟаԥҵәеи апрограммеи ҳамоуп. Урыстәылеи, Белоруссиеи, уҳәа егьырҭ атәылақәеи рҟынтәи аҳәсеи ҳареи ҳабжьара аимадара бзиақәа рышьақәыргылара ҳалҳаршеит", — лҳәеит Хәырхәмалԥҳа.
Апресс-конференциа иара убасгьы рхы аладырхәит Урыстәыла аҳәса Реидгыла амбассадор, Шәача ақалақь аҳәса Реидгылеи анаплакыҩцәа рыклуби рхантәаҩы Татиана Ромашкина, Аԥсны аҵара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ, Аԥсны аҳәса Реидгыла абжьгаҩ Ада Кәарҷелиаԥҳа, Аилахәыра "Аԥсны аҩқәеи аӡқәеи" адиректор хада ихаҭыԥуаҩ, Аԥсны аҳәса Реидгыла ахантәаҩы лхаҭыԥуаҩ Асҭанда Саӡԥҳа .