Аԥсны

Сангәлиа еиҭеиҳәеит Аԥсны аҭоурыхтә культуратә баҟақәа рыхьчаразы иҟаҵатәу

Sputnik
Аҟәа Аршба имҩаду аҿы игылаз аҭоурыхтә хыбра изакәанымкәа арбгара шыҟалаз ҭнаҵаауеит апрокуратура, уахь ашәҟәқәа нашьҭуп иҳәеит Аԥсны аҭоурых-культуратә баҟақәа рыхьчаразы аҳәынҭқарратә усбарҭа аиҳабы Гарри Сангәлиа.
Сангәлиа иажәақәа рыла, ԥыхьатәи аферментациатә зауад ахыбра Аҵара аминистрра абаланс аҟны ишыҟаз. Ахыбра згаз Аҵара аминистрреи аусбарҭеи дрыдымҵаалакәан арбгара дшалагаз.
Аҭоурыхтә культуратә баҟақәа рыхьчаразы аҳәынҭқарратә усбарҭа агәы иҭоуп арбгара аҭакзыԥхықәу ахыбра аиҭашьақәыргылара идырҵарц иҳәеит аусбарҭа аиҳабы.
1914 шықәсазы иргылаз аферментациатә зауад ахыбра ақәгара иалагеит асабша, ԥхынҷкәын 7 рзы. Ахыбра ақәгара ашәахьанӡа иаанкылан аҭагылазаашьа ҭырҵаанӡа, аха, амҽыша ԥхынҷкәын 9 рзы ахыбра ақәгаразы аусурақәа ирыцҵан.
Шәахәаԥш арадиостудиаҟынтәи инарҭбаау авидеонҵамҭа.