Аԥсны

Аԥсны Урыстәылаҟа 20,1 нызқь тонна амандарина дәықәнаҵахьеит

Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 10 – Sputnik. Асезон иалагазар Аԥсны Урыстәылаҟа 20,1 нызқь тонна амандарина дәықәнаҵахьеит ҳәа аанацҳауеит Россельхознадзор.
Иааидкыланы, ԥхынҷкәын 5 рзтәи арбагақәа рыла Урыстәыла амандаринақәа римпорт 14,4% рыла еизнарҳаит, 738,3 нызқь тонна рҟынӡа ииагоуп. Реиҳа ирацәаны Урыстәылаҟа амандарина аланагалеит Ҭырқәтәыла, уи 311,1 нызқь тонна атәыла иаланагалеит.