АҞӘА, ԥхынҷкәын 10 – Sputnik. Урыстәыла Арбџьармчқәа ДЖәР аҟны аиланхарҭа Желтое ахы иақәиҭыртәит ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра.
Урыстәыла атәылахьчара аминистрра адыррақәа:
Урыстәылатәи аоператив-тактикатә авиациа, аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа, аракетатә мчқәа, артиллериа рыла Украина арра-ааглыхратә комплекс анаплакқәа русура еиҿызкаауа аенергетикатә ргыларақәа, аибашьцәеи арратә техникеи ааха рырҭеит 128 раион рҟны.
Аҳауаҽацәыхьчаратә хархәагақәа уахыки-ҽнаки рыла аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 40 карыжьит, урҭ рҟынтәи ԥшьба арратә операциа ҷыда ахьымҩаԥысуа анҭыҵҟа.
Арратә операциа ҷыда иаалагазар иҭархоуп: 649 ҳаирплан, 283 вертолиот, аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 37527, 586 ЗРК, 19720 танки егьырҭ аибашьыгатә кәылӡмашьынақәеи, аицҭырҟьаратә реактивтә системақәа рмашьынақәа 1500, артиллериеи аминаршәгақәеи 19334, иҷыдоу арратә автомабилтә техника 29123.