АҞӘА, ԥхынҷкәын 17 - Sputnik. Аҧсны абыргцәа рхеилак аҧсуа жәлар реизара мҩаҧнагоит атәылаҟны ишьақәгылаз асоциал-економикатәии аполитикатәии ҭагылазаашьазы.
Аҧсны абыргцәа рхеилак аиҳабы Аполлон Думаа иажәақәа рыла, иҟоу акризис алҵразы иҟаҵатәу ашьаҿақәа ирзааҭгылоит.
Аиҧылара анымҩаҧгахо арыцхә рылаҳәахоит. Аизарахь ааҧхьара рыҭахоит Аҧсны аиҳабыра, Жәлар реизара адепутатцәа, Ауаажәларратә палата алахәылацәа.