Аԥсны

Дырмит Гәлиа диижьҭеи 150 шықәса аҵра иазку ауснагӡатәқәа хыркәшоуп

Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 17 - Sputnik. Аԥсуа драматә театр аҟны имҩаԥгаз агәырӷьаратә еилатәарала ихыркәшан Аԥсны Жәлар рпоет Дырмит Гәлиа диижьҭеи 150 шықәса аҵра иазку ауснагӡатәқәа.
Аԥсны Жәлар рпоет Дырмит Гәлиа диижьҭеи 150 шықәса аҵра иазку ацәыргақәҵа аартын. Уаҟа ицәыргақәҵан Жәлар рпоет инапылаҩырақәа, иҭҵаарадырратә усумҭақәа, иҩнымаҭәақәа, афотоҭыхымҭақәа, амаҭәақәа. Ацәыргақәҵа еиҿнакааит Дырмит Гәлиа ихьӡ зху илитература-мемориалтә музеи.
Аофициалтә хәҭа ашьҭахь ахәаԥшцәа иддырбеит Дырмит Гәлиа иажәеинраала "Арԥызбеи Аԥҳәызбеи рысалам шәҟәы" иалху аспектакль "Иареи Лареи".
Аԥсуа сахьаркыратә литература ауасхыр азышьҭаҵаҩ, аԥсуа "Анбан" аиқәыршәаҩ, арҵаҩы, арккаҩы, раԥхьатәи аԥсуа ҭҵаарадырратә усумҭақәа равтор, раԥхьатәи аԥсуа газеҭ "Аԥсны" аредактор, раԥхьатәи атеатртә труппа аиҿкааҩ Дырмит Иасыф-иԥа Гәлиа диижьҭеи 150 шықәса ҵит. Аԥсны 2024 шықәса Дырмит Гәлиа ишықәсны ирылаҳәоуп.
Аԥсны
Дырмит Гәлиа ибиуст аартын иара ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҟны