Аԥсны

Асезон иалагазар Аԥсны Урыстәылаҟа 25 нызқь тонна амандарина дәықәнаҵахьеит

Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 18 - Sputnik. Асезон иалагазар Аԥсны Урыстәылаҟа 25 нызқь тонна амандарина дәықәнаҵахьеит.
Ари 9,4 тонна рыла еиҳауп ҵыԥхтәи арбагақәа раасҭа ҳәа Sputnik иазеиҭарҳәеит Аԥсны АҳЕ аҟны.
Зынӡа Урыстәылаҟа 37 нызқь тонна амандарина нашьҭхоит ҳәа азгәаҭоуп, аиҳарак ҳазҭоу ашықәс нҵәаанӡа ииагахоит.