АҞӘА, ԥхынҷкәын 18 - Sputnik. Аԥсны алхратә комиссиа Хада ашәҟәы иҭанагалеит атәыла ахада инапынҵақәа назыгӡо Бадра Гәынба Аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа рҿы кандидатс дықәзыргыло аԥшьгаратә гәыԥ.
Аԥшьгаратә гәыԥ алахәылацәа ашәҟәҭагаларазы аршаҳаҭга бӷьыцқәеи анапаҵаҩратә бӷьыцқәеи рыҭан. Урҭ еизыргароуп 2000 иреиҵамкәа, 2500 иреиҳамкәа алхыҩцәа рнапынҵамҭақәа.
Аԥшьгаратә гәыԥқәеи апартиақәеи рышәҟәҭагалара ажьырныҳәамза 6 рҟынӡа имҩаԥыслоит, анаҩс Аҳәынҭқарра ахадарахь акандидатцәа рышәҟәҭагалара 10-мш рыҩнуҵҟа имҩаԥысуеит.