Аԥсны

Апрокуратура хада Жәлар Реизарахь инарышьҭит Адгәыр Ҳаразиа икьымсра ихыхразы ажәалагала

Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 21 - Sputnik. Аԥсны апрокуратура хада Жәлар Реизарахь инарышьҭит Адгәыр Ҳаразиа икьымсра ихыхреи иганахьала ашьаус ахацыркреи рзы азин рыҭаразы ажәалагала.
Адгәыр Ҳаразиа иҟаиҵаз аумҭа — гәҭакрала азеиԥшшәарҭаратә уаҩшьреи азеиԥшшәарҭаратә уаҩшьра аҽазышәареи ирыҵанакуеит ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа.
Аҧсны Жәлар Реизарахь инашьҭу Адгәыр Ҳаразиа икьымсра ихыхреи иганахьала ашьаус ахацыркреи рзы азин рыҭаразы ажәалагала иахәаҧшхоит аҳәынҭқарратә зинтә политиказы акомитет аилатәараҿы асабша, ҧхынҷкәын 21 рзы.
Аҳәынҭқарратә зинтә политиказы акомитет алахәыла, адепутат Инар Гыцба иажәақәа рыла, аилатәара мҩаҧгахоит иахәҭоу акворум аиур.
Ԥхынҷкәын 19 рзы Апарламент аҿы иҟалаз ахысраан дшьын адепутат Вахтанг Гәаланӡиа, дхәын адепутат Кан Кәарҷиа. Гәҩарас дрымоуп адепутат Адгәыр Ҳаразиа.