Аԥсны

Бадра Гәынба Урыстәылахь аҳәара ҟаиҵеит Аԥсны фымцалашарала аиқәыршәараз ацхыраара ҟарҵарц

Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 21 - Sputnik. Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо Бадра Гәынба Урыстәыла аиҳабыра рахь аҳәара ҟаиҵеит Аԥсны фымцалашарала аиқәыршәараз ацхыраара ҟарҵарц.
Адгылара ҳазҭо Урыстәылеи ҳареи ҳабжьара иҟоу азҵаарақәа аполитикахь риагара ииашам ҳәа иԥхьаӡоит атәыла ахада ин.н. Гәынба.
"Иҳалшо зегь ҟаҳҵароуп Аҧсни Урыстәылеи еснагь ирыбжьаз агәреибагара аиҭашьақәыргылараз" ҳәа азгәеиҭеит иара.
"Иахьа уажәраанӡа алшарақәа шмаҷугьы Аҳәынҭқарра анапхгара иҳалшо зегь ҟаҳҵоит афымцалашара азҵаара аӡбаразы, ҳауаажәлар уалафахәыда раанмыжьразы. Убри аан ибзиан еилаҳкаауеит ҳбыргцәа, ҳхәыҷқәа лашарада ирхырго ауадаҩра дуқәа", — аҳәоит ааԥхьараҿы.
Ԥхынҷкәын 11 рзы икьыԥхьыз аамҭеихша инақәыршәаны, ҽынла ЕгрыГЕС аҟынтәи иааиуа афымцалашара х-сааҭк заҵәык роуп ауааԥсыра иахьроуа. Уахынла афымцалашара Урыстәылантәи иаарышьҭуеит асааҭ 21:00 инаркны 07:00 рҟынӡа.