АҞӘА, ԥхынҷкәын 22 - Sputnik. Аҟәа ахәҭак фымцалашарада иаанхеит.
Астанциаеиҵа "Баслаҭа" иаха иаиуз ақәыҕәҕәара иахҟьаны аҳақәа ҿыблааит, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит аҳҭнықалақь афымцеихшарҭақәа русбарҭа анапхгаҩы Ҭенгиз Блабба.
Ашьыжь, асааҭ 8 инаркны аҭыҧаҟны аремонттә гәыҧқәа аус руеит, дара иаарласны афымца ашьақәыргыларазы ирылшо зегь ҟарҵоит иҳәеит Блабба.