Аԥсны

Аҟәа Ашықәс ҿыц азгәаҭара ауснагӡа кьыԥхьуп

Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 23 - Sputnik. Ашықәс ҿыци Қьырса ныҳәеи разгәаҭара иадҳәалоу аусмҩаԥгатә хадақәа рыплан кьыԥхьуп. Аусмҩаԥгатәқәа ԥхынҷкәын 24 инаркны ажьырныҳәа 4 рҟынӡа имҩаԥыслоит.
Ԥхынҷкәын 24 инаркны аҳҭнықалақь ашколқәеи апаркқәеи рҿы ахәыҷқәа рзы арлахҿыхратә программақәа мҩаԥгахоит.
Ԥхынҷкәын 25 асааҭ 19:00 рзы Ахақәиҭра ашҭаҿы аԥсаӡҵла официалла иаадыртуеит, уи ашьҭахь ахәыҷқәа идырбахоит анимациатә ҟазшьа змоу акьанџьа дуқәа злахәу арлахҿыхратә программа.
Ԥхынҷкәын 25 инаркны 28 рҟынӡа, асааҭ 19:00 рзы Ахақәиҭра ашҭаҿы ажәҩан аҵаҟатәи иаарту акинотеатр аус аулоит.
Ажьырныҳәа 1 ауыха аҳҭнықалақь ауааԥсыреи асасцәеи афеиерверкқәеи аныҳәатә неиааирақәеи рзыԥшуп.