Дырмит Гәлиа ииубилеитә шықәсазы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны имҩаԥгаз ауснагӡатәқәа реихшьаала ҟаиҵеит арадио Sputnik аефир аҟны, урҭ реиҿкааҩцәа ируаӡәку, аԥсуа литература акафедра аусзуҩ, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Инал Гыцба.
Аԥсуа литература ашьаҭаркҩы, Аԥсны Жәлар рпоет Дырмит Гәлиа диижьҭеи 150 шықәса аҵра инамаданы, сынтәа аҳәынҭқарраҟны акыр ауснагӡатәқәа еиҿкаан. Урҭ рыхәҭак мҩаԥысит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы.
Афакультетқәа зегьы рҟынтә астудентцәа злахәыз атоталтә диктант мҩаԥган. Уи аҟны аԥхьахә аанызкылаз 36-ҩык, иара убасгьы ибзины изыҩҩыз 48-ҩык аҳамҭақәа ранашьан. Афилологиатә факультет аҿы иаартын Дырмит Гәлиа ихьӡ зху акабинет, ауниверситет аҟны имҩаԥган ацәыргақәҵа, ахәылԥазқәа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.