https://sputnik-abkhazia.info/20241223/azlatsazhasha-amoup-dyrmit-glia-ikhala-auniversitet-ay-eikaaz-ausnagata-rty-1053229694.html
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Дырмит Гәлиа ихьӡала ауниверситет аҿы еиҿкааз ауснагӡатәқәа ртәы
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Дырмит Гәлиа ихьӡала ауниверситет аҿы еиҿкааз ауснагӡатәқәа ртәы
Sputnik Аҧсны
Дырмит Гәлиа ииубилеитә шықәсазы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны имҩаԥгаз ауснагӡатәқәа реихшьаала ҟаиҵеит арадио Sputnik аефир аҟны, урҭ реиҿкааҩцәа... 23.12.2024, Sputnik Аҧсны
2024-12-23T12:15+0300
2024-12-23T12:15+0300
2024-12-23T13:17+0300
арадио
аԥсны
аподкаст
ҳазлацәажәаша ҳамоуп
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/0c/17/1053230058_0:0:1280:721_1920x0_80_0_0_ad13b8b055512fd6aa14add17921b788.jpg
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Дырмит Гәлиа ихьӡала ауниверситет аҿы еиҿкааз ауснагӡатәқәа ртәы
Sputnik Аҧсны
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Дырмит Гәлиа ихьӡала ауниверситет аҿы еиҿкааз ауснагӡатәқәа ртәы
Дырмит Гәлиа ииубилеитә шықәсазы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны имҩаԥгаз ауснагӡатәқәа реихшьаала ҟаиҵеит арадио Sputnik аефир аҟны, урҭ реиҿкааҩцәа ируаӡәку, аԥсуа литература акафедра аусзуҩ, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Инал Гыцба.Аԥсуа литература ашьаҭаркҩы, Аԥсны Жәлар рпоет Дырмит Гәлиа диижьҭеи 150 шықәса аҵра инамаданы, сынтәа аҳәынҭқарраҟны акыр ауснагӡатәқәа еиҿкаан. Урҭ рыхәҭак мҩаԥысит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы.Афакультетқәа зегьы рҟынтә астудентцәа злахәыз атоталтә диктант мҩаԥган. Уи аҟны аԥхьахә аанызкылаз 36-ҩык, иара убасгьы ибзины изыҩҩыз 48-ҩык аҳамҭақәа ранашьан. Афилологиатә факультет аҿы иаартын Дырмит Гәлиа ихьӡ зху акабинет, ауниверситет аҟны имҩаԥган ацәыргақәҵа, ахәылԥазқәа.Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2024
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/0c/17/1053230058_0:0:1280:961_1920x0_80_0_0_72a064261b5ebc4999a5a3c1017d7cf7.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, аподкаст, ҳазлацәажәаша ҳамоуп, аудио
аԥсны, аподкаст, ҳазлацәажәаша ҳамоуп, аудио
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Дырмит Гәлиа ихьӡала ауниверситет аҿы еиҿкааз ауснагӡатәқәа ртәы
12:15 23.12.2024 (ирҿыцуп: 13:17 23.12.2024) Дырмит Гәлиа ииубилеитә шықәсазы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны имҩаԥгаз ауснагӡатәқәа реихшьаала ҟаиҵеит арадио Sputnik аефир аҟны, урҭ реиҿкааҩцәа ируаӡәку, аԥсуа литература акафедра аусзуҩ, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Инал Гыцба.
Аԥсуа литература ашьаҭаркҩы, Аԥсны Жәлар рпоет Дырмит Гәлиа диижьҭеи 150 шықәса аҵра инамаданы, сынтәа аҳәынҭқарраҟны акыр ауснагӡатәқәа еиҿкаан. Урҭ рыхәҭак мҩаԥысит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы.
Афакультетқәа зегьы рҟынтә астудентцәа злахәыз атоталтә диктант мҩаԥган. Уи аҟны аԥхьахә аанызкылаз 36-ҩык, иара убасгьы ибзины изыҩҩыз 48-ҩык аҳамҭақәа ранашьан. Афилологиатә факультет аҿы иаартын Дырмит Гәлиа ихьӡ зху акабинет, ауниверситет аҟны имҩаԥган ацәыргақәҵа, ахәылԥазқәа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.