АҞӘА, ԥхынҷкәын 24 - Sputnik. Амаинингқәа раԥырҟәҟәаразы Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аҩнуҵҟа иаԥҵахоит аусбарҭатә ҟәша.
Уи азы адҵа ҟаиҵеит атәыла ахада ин.н. Бадра Гәынба.
Иара убас, уи анапынҵа риҭеит аусбарҭатә ҟәша аусура еиҿызкаауа аҳәаақәҵаратә зинтә актқәа реиқәыршәаразы. Уи атәыла аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа рхыԥхьаӡара аҳәаақәа ирҭагӡаны ишьақәгылахоит.
2018 шықәса инаркны Аԥсны акриптовалиута арҳара аганахь ала аамҭалатәи аԥкрақәа аус руан, 2020 шықәса инаркны амаинингтә еиқәыршәагақәа атәылахь раагара азин нкылан.
Атәылаҿы аенергетикатә кризис амзыз хадақәа иреиуоуп амаининг. Аԥсны есышықәса афымцамч адефицит 700-750 миллион кВтсааҭ ыҟоуп, уи аҟынтәи амаининг ахы ианархәо афымцамч 613 миллион кВтсааҭ рҟынӡа аҵанакуеит.