Агәыҳалалратә фонд "Ашана" имҩаԥнагаз ашықәсҿыцазтәи акциа "Аҵаа Бабадуны уҟала" аихшьаалақәа дырзааҭгылеит афонд аиҳабы Мактина Џьынџьалԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны.
Илҳәеит сынтәа афонд ахь асалам шәҟәқәа 100-ҩык инареиҳаны ахәыҷқәа Аҵаа Бабаду ихьӡала ишынарышьҭыз.
"Ҳфонд аофис аҟны, насгьы асоциалтә даҟьақәа рҿы ахәыҷқәа ирҭаху аӡбахә анаҳҵон, ақәҿыҭра даараӡа ибзианы иаиуит ҳәа уҳәар алшоит. Зны-зынла еицлабуан аԥхьа ахәыҷы аҳамҭа изаахәаразы, иргәырӷьаразы. Ари аҩыза ақәҿыҭра есышықәса иҟоуп, аха сынтәа ҷыдала ауаа азнеизшәа ҳгәы иабеит. Имариам аамҭа ҳҭагылоуп, ауаа ирҭахуп згәабзиара уашәшәыроу ахәыҷқәа рыргәырӷьара", - лҳәеит Џьынџьалԥҳа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәахәаԥшыр шәылшоит авидеонҵамҭаҿы.