АҞӘА, ԥхынҷкәын 26 - Sputnik. Аминистрцәа реилазаара акриптовалиута арҳаразы ахархәагақәа атәыла ралагалара азинҟамҵара аҿҳәара 2026 шықәса ԥхынҷкәын 31 рҟынӡа инахеит.
Ақәҵара рыдыркылеит 2020 шықәса ԥхынҷкәын 8 рзы. Уиижьҭеи изныкымкәа амчра иацырҵахьеит.
Аԥсны акриптовалиута официалла арҳаразы аусура иазхиам ҳәа иҳәеит Аенергетикеи атранспорти рминистр инапынҵақәа назыгӡо Џьансыхә Нанба Аминистрцәа реилазаара аилатәараҿы.
2022 шықәса ԥхынҷкәынмза 27 рзы ирыдкылаз ақәҵара инақәыршәаны, 2025 шықәса ԥхынҷкәынмза 1 инаркны, аԥснытәи анаплакыҩцәа закәаншьаҭала амаининг ус иаартны амҩаԥгара рылшартә еиԥш анормативтә база аус адулара иалагароуп. Аминистрцәа реилазаара аӡбарала, ақәҵара амчра аиура аамҭа 2027 шықәса ԥхынҷкәынмза 1 аҟынӡа иацҵоуп.
2024 шықәса ԥхынҷкәынмза 16 рзы Аԥсны Апарламент актәи аԥхьарала иаднакылеит акриптовалиута арҳаразы ашьауӷатә ҭакԥхықәра аҵагылара азԥхьагәазҭо азакәан апроект.