АҞӘА, ԥхынҷкәын 26 - Sputnik. "Аԥсны Жәлар рпартиа" Шамиль Аӡынба ахадарахьы икандидатура ықәнаргылеит.
Апартиатә еизараҟны абжьаҭара шымҩаԥысуаз хылаԥшра арҭон алхратә комиссиа ахаҭарнакцәа ҳәа аанацҳауеит "Абаза-ТВ".
Аԥшьгаратә гәыԥқәеи апартиақәеи рышәҟәҭагалара иалагеит ԥхынҷкәын 17 рзы. Иахьазы аԥшьгаратә гәыԥқәа хԥа ашәҟәы иҭагалоуп. Аԥшьгаратә гәыԥ алахәылацәа еизыргароуп 2000 иреиҵамкәа, 2500 иреиҳамкәа алхыҩцәа рнапынҵамҭақәа.
Азакәанԥҵара инақәыршәаны апартиа акандидат икандидатура ықәнаргылозар, анапынҵамҭақәа реизгара аҭахӡам.
Шамиль Аӡынба — аԥсуа политик, Аԥсны аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩс дыҟан. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра далахәын, "Аԥсны Афырхаҵа". 2011 шықәсазы Аԥсны ахадарахьы ицоз Сергеи Шамба ихаҭыԥуаҩс дықәгылан. 2019 шықәсазы Аԥсны ахада иалхрақәа дрылахәын.