АҞӘА, ԥхынҷкәын 26 - Sputnik. Аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭеилакы ашықәсазтәи аспорттә лҵшәақәа реихшьаалақәа ҟанаҵеит.
Ашықәс азы иреиӷьу аспортсменцәа ҳәа иԥхьаӡоуп абоксиор Герман Арџьениа, астолтә ԥкьаҭмпыл азы спорт азҟаза Ерика Кәарҷиаԥҳа.
Рдисциплинақәа рыла иреиӷьу ҳәа иԥхьаӡоуп: Елҟан Ӷәазаа, Инал Гаделиа, Сандро Ҳаразиа, Раҳман Напиџьев, Герман Арџьениа, Инар Кетиа, Ҭимур Исмоилов, Рамазан Арапханов, Леон Габлиа, Заур Ҭарба.
Анапылампыласҩы Ҭемыр Исмоилов анапылампыл абзиабаҩцәа ргәаанагарала иреиӷьу аспортсменс далхуп.
"Ашықәс азы ԥхьаҟацара" аноминациаҿы аиааира лгеит абокс азы БРИКС Ахәмаррақәа рҿы аџьаз медал занашьаз Беата Арышԥҳа.
Ашықәс азыҟаҵаҩ – зхы иақәиҭу ақәԥараазы Аԥсны зҽаԥсазтәыз азыҟаҵаҩ Ҭемыр Џьопуа, ашықәс аӡбаҩ – Аԥсны аҳаҭыр зқәу аспорттә ӡбаҩ Валериан Арлан.