Аԥсны

Адгәыр Хәырхәмал аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа рахь дықәзыргыло аԥшьгаратә гәыԥ ҭаҩуп

Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 28 - Sputnik. Алхратә комиссиа хада ашәҟәы иҭанагалеит Адгәыр Хәырхәмал аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа рҿы кандидатс дықәзыргыло аԥшьгаратә гәыԥ.
Аԥшьгаратә гәыԥ алахәылацәа 2000 еиҵамкәа, 2500 еиҳамкәа алхыҩцәа рнапынҵамҭақәа еизыргароуп.
Аԥшьгаратә гәыԥқәеи апартиақәеи рышәҟәҭагалара ажьырныҳәамза 6 рҟынӡа имҩаԥыслоит, анаҩс акандидатцәа рышәҟәҭагалара 10-мш рыҩнуҵҟа имҩаԥысуеит.
Аҳәынҭқарра ахада заанаҵтәи иалхрақәа ҟалоит жәабран 15 рзы.
Уи аԥхьа АКХ аҟны ашәҟәы иҭагалан аԥшьгаратә гәыԥқәа ԥшьба, дара ашәҟәы иҭаргалеит: атәыла ахада инапынҵақәа назыгӡо Бадра Гәынба, Урыстәыла Аԥсны ахәаахәҭратә хаҭарнакс иҟаз Олег Барцыц, аоппозициа ахаҭарнак Адгәыр Арӡынба, Агәаҭаратә палата уаанӡатәи аиҳабы Роберт Аршба, "Аԥсны Жәлар рпартиа" Шамиль Аӡынба ахадарахьы икандидатура ықәнаргылеит.