Аԥсны

Гәынба Гаглоев иааиуа ашықәс ҿыц аныҳәа идиныҳәалеит

Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 29 - Sputnik. Аԥсны ахада ин.н. Бадра Гәынба Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Алан Гаглоев иааиуа ашықәс ҿыц аныҳәа идиныҳәалеит.
Иазгәеиҭеит, Аԥсны азы акырӡа шаҵанакуа аешьаратә еизыҟазаашьақәа.
"Агәра ганы сыҟоуп, 2025 шықәсазы ҳтәылақәа рыбжьара ҩганктәи аусеицура арӷәӷәара шалыршахо", — ҳәа аҳәоит адныҳәалараҿы.