Анаплакқәа рҟынтә 2% афонд иахыԥхьаӡалоуп, убри аҟынтә ҵыԥхтәи ацәынхеи, сынтәатәи алагалақәеи иааидкыланы 427 миллион мааҭ аҭныхра аганахьала алшара ҳаман.
Чамагәуа иҳәеит, сынтәа актәи ахәҷы ииразы 394 ҭаацәара ацхыраара шрыҭаз, аҩбатәи изы 337, ахԥатәи – 208. Ашықәсқәа еиҿырԥшуа Чамагәуа иҳәеит, ахыԥхьаӡарақәа есышықәса ишмаҷхо.
Инарҭбааны аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.