Агәыҳалалратә фонд "Ашана" 2024 шықәсазы 42,2 миллион мааҭ аԥара еизнагеит лҳәеит афонд адиректор Мактина Џьынџьалԥҳа арадио Sputnik аҟны.
Џьынџьалԥҳа лажәақәа рыла, шықәсык иалагӡаны 47-ҩык ахәыҷқәа Урыстәылеи, Ермантәылеи, Аԥсни иреиӷьу ахәшәтәырҭақәа рҿы 60 инареиҳаны курс ирхысит. 300-ҩык инареиҳаны ахәыҷқәа аортопедцәеи, аневрологцәеи, апсихиатрцәеи рҟынтәи хәыда-ԥсада абжьгарақәа роуит.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәахәаԥшыр шәылшоит авидеонҵамҭаҿы.