Аԥсны

"Асы, асы, ԥала-ԥала": аӡын зеиԥшрахо ҳаҵазҳәо жәлар разгәаҭарақәа

Аӡын зеиԥшрахо ҳаҵазҳәо жәлар разгәаҭарақәа ҳзеидылкылеит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа.
Sputnik
Ашықәс аамҭақәа зегьы дара ртәала иԥшӡоуп, игьамоуп. Аԥсабара ҟәыӷоуп, ишәоуп-изоуп, иаамҭамкәа "ҭагалан хьаҵуам, аӡын зааиуам".
Аӡын зеиԥшрахо аилкаара есымша аинтерес ду аҵоуп. "Асы, асы, ԥала-ԥала" ҳнылагылоу ма имырхьаакәа аӡын ҟәандашьшьыраӡа имҩасырц агәиҭоу заа ашьклаԥшра аҭахуп. Ажәлар разгәаҭарақәа излаҳарҳәо ала:
Ааԥынразы аԥша ҟәанда анхҭанакы – аӡынра цәгьахоит.
Аԥхын амаахыр ҿассы иҿалазар, аӡын хьшәшәарахоит.
Аԥхын акәыбры анырацәаха – аӡынра ҵаарҷҷалоит, ицәгьахоит.
Аԥсабареи ԥсы зхоу зегьи кыр шықәсала рышьклаԥшра, хымԥада жәлар разгәаҭарақәа шьақәдыргылоит. Аԥсуа жәлар разгәаҭарақәа ҳарзааҭгылозар, аӡынра зеиԥшрахо еилукаар улшоит: аԥсабареи ашәаԥыџьаԥи, аԥстәқәеи аԥсаатәқәеи рхымҩаԥгашьала.
Ахьа рацәаны иҟалар, аҵыс ашәа аҳәашьалагьы, ма аԥсуаа асы анауа злардыруа
Аԥсабареи ашәаԥыџьаԥи
Ҽаҩраҭагалан анӡысаамҭаха – аӡынразы иҵаауеит.
Ҽаҩраҭагалан ишныҵалаз еиԥш ашәаԥыџьаԥ рыбӷьы неимазакны ианкаԥса – аӡынра иҵаауеит рҳәоит.
Ашәаԥыџьаԥ ҵаҟатәи амахәқәа рыла абыӷькаԥсара иалагазар, аӡын алагамҭаз ицәгьахоит.
Ашәаԥыџьаԥ рыбӷьы рықәцәала ианкаԥса – аӡынра анҵәамҭазы аҽарцәгьоит.
Ҭагалан ашәаԥыџьаԥ рыбӷьы камԥсакәа аӡынра ианаԥыла – аԥхарра ҟалоит.
Акалам бзианы ианҿиа – аӡынра ԥхарахоит.
Ашәшь бзианы ианышәҭ ашықәсан – аӡынра цәгьахоит.
Амжәабӷь ианаамҭоу ианкамԥса – аӡынра цәгьахоит.
Аҳарчыл рацәаны, роура дуны ианыҟала – аӡын асы рацәахоит.
"Амш ацәгьахара аҽаназнакуа...": аԥсаатә рыла иаарԥшу жәлар разгәаҭарақәа
Аԥстәқәеи аԥсаатәқәеи
Ааԥынразы ажьа ахәыжә лассы ианазымҟьа – иааиуа аӡынра зегьы хьшәашәарахоит.
Аӡын ала амӡырха иқәбылгьо иалагар, асы иазҳәоуп.
Аӡын акамбашь аӡмах ианҭатәа – амшцәгьа иазҳәоуп.
Аӡын аҳәақәа анышәырппра анхҭарк – аҵаа ҟалоит.
Аӡын аҳәыҳә рацәаны ианаа – аҵаа иазҳәоуп.
Абынҳәақәа ақыҭа рҽанадырхала – аӡынра цәгьахоит.
Ацаблыкьқәа заа ианаа – аӡынра ԥасахоит.
Абаӷырқәа еилаҭыруа адәы ақәтәара анхҭарк – асы ауеит.
Агәырхаага лаф
Аӡын амш кьаҿуп, аҵх дууп. Уусқәа рҭыԥ иқәҵаны, ахәылбыҽха аҩныҟа уаннеилак, амца шоушоууа изҭоу ауаџьаҟ уанаадтәалалак, жәабжьқәак ма гәырхаага лафқәак еиҭасҳәандаз ҳәа уҟалоит. Шәгәы аасырҿыхаразы абра иаазгоит Заур Быҭәба ишәҟәы "Чаҵә Чагә ихҭысқәа" иагәылалаз лафк:
"Аӡын ааигәаӡан. Чаҵә Чагә игәы шыцәгьахаз заҳаз агәылацәа еизан ицхрааит: шьоукы иџьықәреи изҭаргалт, шьоук ижь изырҭааит, даҽаӡәых, аикәаӷа ахәы ԥҵәаны ианиба, арасатә хәы ԥшӡа ҟаҵаны иахеиҵан, инаган инықәиҵеит. Ақыҭан дынхон Сангьа ҳәа аӡәы. Убригьы, ишаԥу еиԥш, днеины ичмазаҩхаз дицхраар акәын. Аха Сангьа уаҩы ҳарамын, ибз бааԥс азы имацәажәоз иқыҭауаагьы ыҟан. Чагә иус-ҳәысқәа игәылацәа иҟарҵахьазаргь иҟарҵахьеит анигәахә, дызбоит ҳәа, дкылԥш-кылӡрҩуа дынкылсит.
Амш зеиԥшрахо: аҳауа аҽеиҭакразы ажәлар разгәаҭарақәа
Дхынҳәны данцоз, ашәхымс данаахыҵ, агәыла зхәы зхеиҵаз аикәаӷа ԥшӡаӡа иахьықәыз илаԥш наахеит.
– Чагәхеит, уара угәы бааԥсуп, ари уеикәаӷа ас ахәы ҿыц бзиа узахазҵада?! – даҵашьыцуа, ихы ырнааны, днаҵааит иара.
– Абыз хаа! – аҭак ҟаиҵеит Чагә".
∕Аматериал аиқәыршәараҿы ахархәара азун Шьаликәа Камкиа иеизга "Ажәа хьыршәыгәқәа"∕.