Амш зеиԥшрахо: аҳауа аҽеиҭакразы ажәлар разгәаҭарақәа

© Sputnik / Томас ТхайцукАмш зеиԥшрахо: аҳауа аҽеиҭакразы ажәлар разгәаҭарақәа
Амш зеиԥшрахо: аҳауа аҽеиҭакразы ажәлар разгәаҭарақәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуаа ржәытәӡатәи дунеихәаԥшышьа иашьҭамҭаны иахьанӡа иааӡаз амш зеиԥшрахо злардыруаз ажәлар разгәаҭарақәа ртәы дазааҭгылоит Сусанна Ҭаниаԥҳа Sputnik азы илырмазеиз аматериал аҟны.

Сусанна Ҭаниаԥҳа, Sputnik

Аԥсуаа ржәытәӡатәи дунеихәаԥшышьа иацырҟьаны, иашьҭамҭаны иахьанӡа иааӡаз акы акәны иҟоуп уҳәар алшоит ажәлар разгәаҭарақәа. Аԥсуа жәлар разгәаҭарақәа аԥсҭазаара ирнаҭоз аԥышәеи рдоуҳатә хдырреи ирылҵшәоуп. Урҭ рыхкқәа шырацәоугьы, еиҳараӡак изызку амш аҽеиҭакреи еиуеиԥшым аԥсабаратә, аҳауатә ҽыԥсахрақәеи роуп.

Ацәаҟәа - Sputnik Аҧсны
Дгьыли жәҩани еимаздо: ацәаҟәа аԥсуаа рдунеихәаԥшраҿы

Аамҭа цацыԥхьаӡа, аҽеиҭанакыцыԥхьаӡа ажәлар рыбзазараҿы инымхауа, иуцәыӡуа рацәоуп. Убри аҟнытә, урҭ ажәлар разгәаҭарақәа здыруа ыҟанаҵы, еиҭарҳәонаҵы, реидкылара ахәҭоуп ҳәа сыԥхьаӡоит.

Уажәы ишәыдызгалоит амш аҽеиҭакреи, аԥсабаратә, аҳауатә ҽыԥсахрақәеи ирызку аԥсуа жәлар разгәаҭарақәа рӷьырак.

Амш шыцәгьахо злардыруаз ажәлар разгәаҭарақәа:

  • Аеҵәақәа ажәҩан аҿы иӷарны икыдзар;
  • Ажәҵарақәа лаҟәны иԥыруазар;
  • Акамбашьқәа аҳәра иаҟәыҵны шьыбжьон итәазар;
  • Ахәыҷы "ԥыффы" ҳәа иқьышә иаирҳәозар;
  • Акамыршшақәа цәырҵны аҩны аҭӡамцқәа иркыдло иалагазар;
  • Амрагыларахь шьыжьымҭан ашәаԥшь хылазар;
  • Амца иахакнаҳау ачуан иаду арацәа амца акыр;
  • Амҵқәа цҳауазар;
  • Ахәыҷы қьышәла дбыруазар;
  • Аӡиас абжьы ааигәаны иуаҳауазар;
  • Ашьыжь аӡаӡа ыҟамзар;
  • Акәыбрысса еилаԥыруа аҩада ихалозар;
  • Арахә анҭырца ашьҭахь аҩны акыраамҭа иадымҵуазар;
  • Ашьхақәа рҿаԥшырсҭақәа ааигәаны иубозар.

Ақәа шлеиуа злардыруаз азгәаҭарақәа

  • Абаӷырқәа аԥхын аӡаҿы рҽыркәабозар;
  • Аԥхын амра мыцхәы иаӷьызар;
  • Аԥша ҟәанда асуазар.

Амш аныбзиахо злардыруаз азгәаҭарақәа

  • Аӡаӡа ҳәуазар;
  • Ажәҵарақәа ҳаракны иԥыруазар;
  • Ажәҩан аҿы аеҵәақәа рацәаны икыдзар;
  • Амраҭашәарахь ашәаԥшь ыҟазар;
  • Аԥсҭҳәақәа ашьхарахь ицозар;
  • Аԥша хьшәашәа асуазар.

Асы анауа ма ианамуа злардыруаз

  • Амш иазымҳакәа асы ауам рҳәоит.
  • Абаӷырқәа аӡын адгьыл аҿы гәыԥ-гәыԥ иҷырҷыруа итәазар, асы иатәуп.
  • Аӡын ушьхәа ҵаауазар, асы ауеит.
  • Аӡын ала абжьы ргәаҩаны ишуазар, асы ауеит.
  • Ахәылбыҽха асы аура иалагазар, лассы иаҟәыҵуам рҳәоит.
  • Аӡын акамбашь зқәаршәшәозар, асы ауеит, "асы абоит" рҳәоит.
  • Аӡын аҩнқәа рхыбраҿ иҟало ашьашьалқәа рышәара аҟара асы ауеит рҳәоит.

Абас иҟоуп аԥсабара аҽеиҭакшьазы аԥсуа жәлар разгәаҭарақәак. Ари атема ацҵара Ԥхьаҟагьы ҳгәы иҭоуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0