АҞӘА, ажьырныҳәа 5 - Sputnik. Ианвартәи ажәылараан иҭахаз аибашьцәа ргәаладыршәеит Гәдоуҭа.
Араион анапхгара, аибашьра аветеранцәа, иҭахаз аибашьцәа рыуацәа-рҭынхацәа Гәдоуҭа игылоу абаҟа аҿаԥхьа ашәҭқәа шьҭарҵеит.
Сергеи Дбар ихьӡ зху Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра Гәдоуҭатәи аҳәынҭқарратә музеи аҟны агәаларшәаратә еиԥылара мҩаԥган. Гәдоуҭатәи ансамбль "Риҵа" аибашьратә ашәақәа нарыгӡеит, аветеранцәа ажәылара иадҳәалаз ахҭысқәа еиҭарҳәеит.
1993 шықәса ажьырныҳәа 5 рзы Гәымсҭатәи афронт ала аԥсуаа рҽазыршәеит ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рҟынтә Аҟәа ахақәиҭтәра. Аԥсуа еибашьцәа еиҿыркааз ажәылара лҵшәадахеит, аиҭныԥсахларақәа рыламҭалазы аӷацәа мчыла иҭадырхеит иҭҟәаны ирымаз 35-ҩык аԥсуа еибашьцәа, ахәрақәа роуит шәҩык инарзынаԥшуа.