АҞӘА, ажьырныҳәа 5 - Sputnik. Хәҩык ахәыҷқәа ҭахеит Гал араион Папынырхәа ақыҭан инхоз Ҷолариаа рыҩнаҟны иҟалаз амцакра иахҟьаны, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит араион ахада Константин Ҧлиа.
Ахәыҷқәа иреиҵбаӡаз ҧшьымз ихыҵуан иҳәеит иара.
Заанаҵтәи адыррақәа рыла, ахәыҷқәа ранду амца анеиқәылҵоз абензини акеросини лцәеилагеит.
АҶА араионтә ҟәша аиқәырхаҩцәа аҭыҧ аҟны аус руеит. Араион ахада ахҭыс ахьыҟалаз ахь амҩа дықәлеит.