Аԥсны

Аԥшьгаратә гәыԥқәеи апартиақәеи рышәҟәҭагалара хыркәшоуп Аԥсны

Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 6 - Sputnik. Аҧсны аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа рҿы акандидатцәа ықәзыргыло аԥшьгаратә гәыԥқәеи апартиақәеи рышәҟәҭагалара хыркәшоуп.
Аԥсны Алхратә комиссиа хадахьы ашәҟәқәеи алхыҩцәа рнапынҵамҭақәеи наргеит Бадра Гәынба, Адгәыр Арӡынба, Олег Барцыц, Адгәыр Хәырхәмал, Роберт Аршба.
Ахадацәа рхаҭыҧуаа ҳәа ашәҟәы иҭагалоуп Беслан Бигәаа, Алхас Џьынџьал, Адгәыр Какоба, Ҭенгьиз Қәҭелиа, Дауҭ Агрба. Шамиль Аӡынбеи, Кан Кәарҷиеи, Беслан Кәыҵниеи иахәҭаз ашәҟәқәа аларымҵеит рҳәеит АКХ аҟны.
Ажьырныҳәа 16 рҟынӡа имҩаԥыслоит аҳәынҭқарра ахадарахьы акандидатцәа рышәҟәқәа рышьақәырҕәҕәара, уи ашьҭахь агитациақәа хацыркхоит.