АҞӘА, ажьырныҳәа 6 - Sputnik. Владимир Путин аоператә шәаҳәаҩы Хьыбла Гьерзмааҧҳа 55 шықәса лхыҵра лыдиныҳәалеит.
Иара иазгәеиҭеит лара илылоу аҟыбаҩ ҷыда, лыбжьы хаа миллионҩыла рыгәқәа шарҧхо. Агәабзиареи, аихьӡарақәеи лзеиҕьеишьеит.
Хьыбла Гьерзмааԥҳа — аоператә шәаҳәаҩы, Станиславскии Немирович-Данченкои рыхьӡ зху Москватәи амузыкатә театр асолистка. Аԥсны Жәлар рартистка, Урыстәыла Жәлар рартистка, Актәи аканал ала ицо ашоу "Голос" аҟны рҵаҩыс дҟалоит.