АҞӘА, ажьырныҳәа 7- Sputnik. Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо Бадра Гәынба Хьыбла Гьерзмааԥҳа 55 шықәса лхыҵра лыдиныҳәалеит.
"Аԥсуа жәлар шәылаҽхәоит, шәара адунеи аҟны еицырдыруа асценақәа рҟны Ҳаԥсадгьыл ахьӡ ҭыжәгоит", — аҳәоит адныҳәалараҿы.
Гәынба иазгәеиҭеит афестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит..." даҽазныкгьы ишышьақәнарӷәӷәо аоператә шәаҳәаҩы аԥсуа культура аҿиараҿы ллагала шдуу. Агәабзиареи, аихьӡарақәеи, анасыԥи лзеиӷьеишьеит.
Хьыбла Гьерзмааԥҳа — аоператә шәаҳәаҩы, Станиславскии Немирович-Данченкои рыхьӡ зху Москватәи амузыкатә театр асолистка. Аԥсны Жәлар рартистка, Урыстәыла Жәлар рартистка, Актәи аканал ала ицо ашоу "Голос" аҟны рҵаҩыс дҟалоит.