Аԥсны

Анас Кьышьмариаԥҳа аҳәынҭқарра ахадарахьы акандидатцәа рԥылара лгәы иҭоуп

Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 9 - Sputnik. Аԥсны иҟоу ауаҩы изинқәа рыхьчаразы азинмч змоу Анас Кьышьмариаԥҳа лгәы иҭоуп официалла ашәҟәы иҭагалоу аҳәынҭқарра ахадарахь акандидатцәа зегьы дырԥыларц алхрақәа рымҩаԥгареи абжьыҭареи рылацәажәаразы. Абри атәы лҳәеит Алхратә комиссиа хада аиҳабы Дмитри Маршьан иԥылараан.
Кьышьмариаԥҳаи Маршьани ирылацәажәеит имҩаԥысраны иҟоу алхрақәеи, акандидатцәа ашәҟәы рҭагалареи, алхыҩцәа рзинқәа рыхьчареи аилагарақәа раԥырҟәҟәаареи рганахь ала Алхратә комиссиа хадеи араионтә комиссиақәеи русура атәы.
Аԥсны аҳәынҭқарра ахада заанаҵтәи иалхрақәа мҩаԥысуеит жәабранмза 15 рзы. Акандидатцәа рышәҟәҭагалара ажьырныҳәамза 16 рҟынӡа имҩаԥысуеит.