АҞӘА, ажьырныҳәа 10 - Sputnik. Аԥсны аенергетикатә шәарҭадара ашьақәыргыларазы аштаб изаамҭанытәиу аилатәара мҩаԥысит Аҟәа.
"Амшынеиқәафымцамч" аиҳабы Ҭемыр Џьынџьал иазгәеиҭеит аенергетика аусхкы аҿы аҭагылазаашьа ишыуадаҩц ишаанхо. Ажьырныҳәа 9 инаркны иалагалоу иназыцҵоу аԥкрақәа афымцамч ахархәара иахьацлаз шакәу.
Џьынџьал иҳәеит, иахьа Аԥсны Урыстәылантәи иаиуа афымцамч инықәырԥшшәа жәабран 18 рҟынӡа ишҳазхо. Урыстәылантәи иҳауа афымцалашара анынҵәалак ашьҭахь Аԥсны даҽа 150 миллион киловатт аҭаххоит ЕгрыГЕС ишахәҭоу еиԥш аусура иалагаанӡа.
"Имҩаԥгаз анализқәа инарықәыршәаны, ареспубликаҿы амаининг ҩаԥхьа мҽхакы ҭбаала аусура иалагеит, уи ҳара иаабоит араионқәа ирымоу ахархәара ала ", — ҳәа азгәеиҭеит Џьынџьал.
Џьынџьал иҳәеит ԥхынҷкәынмзазы Аԥсны афымцатә ҳақәа иааизакны ирықәу аидара 40 мегаватт шыҟалаз, аенергиатә кризис иалагазар аахыс уи ҩынтәны еиҵахеит. Уи зыбзоуроу амаинингқәа ирҿагыланы ақәԥареи, алашараиураз ирӷәӷәаз аамҭеихшареи роуп – ауаа ртехника иахылаԥшуан.
Аха фымцамчла аиқәыршәара анҭышәынтәалаха, ахархәара еиҭах еизҳауа иалагеит. Аҟазауаа изларҳәо ала, уажәазы амаининг-фермақәа 500 нызқь кВт⋅сааҭ рҟынӡа амч рхы иадырхәоит.
Џьуартәи аӡеизакырҭаҿы аӡы ахьмаҷыз иахҟьаны, ԥхынҷкәынмза 9 рзы Аԥсны аамҭа-аамҭалатәи алашара арцәара иалагеит. Ҽынла алашара 2 сааҭки 48 минуҭи иоурышьҭуан, уахынла асааҭ 9:00 инаркны шьыжьымҭан асааҭ 7:00 рҟынӡа — ԥкрада.
Ԥхынҷкәынмза 23 инаркны ареспублика Урыстәылантәи агуманитартә фымцамч аиура иалагеит, уи жәабранмза 18 рҟынӡа иазхоит ҳәа агәаанагара ыҟоуп.