Аԥсны аҳәынҭқарра ахадарахьы акандидат Бадра Гәынба
Бадра Зураб-иԥа Гәынба диит нанҳәа 14 1981 шықәсазы Аҟәа.
Ибиографиатә дыррақәа:
Амилаҭ: аԥсуа
Аҵара: Саратовтәи Аграртә аҳәынҭуниверситет "Аҳасабеилыргареи аудити" азанааҭ ала
Иусурҭатә ҭыԥ, иааникыло амаҵура: Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩ
Инхарҭа аҭыӡҭыԥ: 2022 шықәса инаркны - Аҟәа, Инал-иԥа имҩа, аҩ. 90
Атәылауаҩра: Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәыла Афедерациеи
1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра: далахәӡамызт.
Бадра Гәынба
© Foto / Пресс-служба президента Абхазии
Аҳәынҭқарра ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа
Беслан Владимир-иԥа Бигәаа диит ԥхынгәы 28 1971 шықәсазы Тҟәарчал.
Ибиографиатә дыррақәа:
Амилаҭ: аԥсуа
Аҵара: Мрагылара-Украинатәи аҳәынҭуниверситет "Амашьынақәеи амашьынатә нхамҩеи" азанааҭ ала
Иусурҭатә ҭыԥ, иааникыло амаҵура: Очамчыра араион ахада
Инхарҭа аҭыӡҭыԥ: 2007 шықәса раахыс - Очамчыра, Леон имҩа, аҩ. 193
Атәылауаҩра: Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәыла Афедерациеи
1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра далахәын.
Беслан Бигәаа
© Sputnik / Леон Адлейба