Снеиуеит сышьҭхысаа,
Геи-шьхеи сырхыууаа.
Шҭа ԥшӡак сынҭысны,
Снарылсуеит абжьуаа.
Илиа Лашәриа
Ҳаԥсуа литератураҿы иҟоуп ашәҟәыҩҩцәеи апоетцәеи заа зырҿиара ахы акыз, заа ицәырҵыз, заагьы иҟарҵаша ҟаҵаны ицаз. Иҟоуп акыр ихьшәаны ицәырҵыз, аԥсҭазаараҿы ирбаша акры анырба, ираҳаша акры анраҳа, аԥышәа ду анроу, рыҿиаратә баҩхатәра ҿыхеит, аусура иалагеит. Убас иҟаз апоетцәа дреиуоуп даара абаҩхатәра бзиа змаз апоет Илиа Лашәриа. Уи иажәеинраалақәа аԥсабара асахьа убриаҟара иҭырхуеит, убриаҟара метафорала ихырҷоуп, убасҟак дыгәианны дышцәырҵызгьы, сара ибзиан исгәалашәоит, шаҟа ибзианы иԥхьоз, шаҟа ирацәаны дыркьыԥхьуаз, кыраамҭа зырҿиара иазыԥшыз аӡәы иеиԥш аԥсуа ԥхьаҩцәа дрыдыркылеит.
Илиа Лашәриа
© Foto / Анатоли Лагулаа
Усҟан ажурнал "Алашара" апоезиа аҟәша аредакторс иҟаз, даарагьы злеишәа џьбараз, апоезиа иашаҵәҟьа ахьыҟамыз, ихатәрамыз апоетцәа зааигәара иназмышьҭуаз Мушьни Миқаииа уи ицәырҵра деигәырӷьаны ажурнал иажәеинраалақәа ирхаргыланы анотациа ҳасабла ирниҵаз ицәаҳәақәа:
"Илиа Лашәриа ҳпоезиаҿы игәианцәаны дцәырҵит, аха уи ицәырҵшьа агәра ҳнаргоит, ҳлитература дшаалагылаз заԥхьаҟа акыр зҳәараны иҟоу, иаҳамбац акыр асахьақәа ҭызхраны иҟоу, збаҩхатәра ҳаргәырӷьараны иҟоу апоет. Сара агәра згоит, уи ииҳәаша рацәаны ишимоу, аҳәашьагьы дшақәшәо, дызнылаз амҩа акыраамҭа ишихәыцуаз, дшеиҩаӡоз, ишәа-иза дшанылаз. Ас иҟоу апоетцәа аамҭа акыраамҭа ицәырнагаӡом, аха ианцәырнагалакгьы, акыраамҭа иахашҭӡом..."
Илиа Лашәриа даара аԥсабара иазааигәаз поетын, иуҳәар ауеит, уи аԥшӡара иалиааз, еиуеиԥшым асахьақәа ргәынкылара анцәа иҟынтә ҳамҭас изнаҭаз, изыцииз, урҭ рцәыргашьагьы ибзиан иақәшәоз ҟазан ҳәа... Аԥсабареи иареи ипоезиаҿы ҩызак еиԥш еицәажәон, рыгәҭыха акы акәын, аԥшӡареи, уи иацу амузыка хааи реиқәырхара.
Алитературатә критик Руслан Қапба апоезиа иазку истатиак аҿы иазгәеиҭоит: " Илиа Лашәриа ипоезиа ҳалацәажәозар, уи ишьтнахуа аидара, аҵакы, еиҳарак иажәеинраалақәа рынҵәамҭахь, рхыркәшамҭахь ауп иахьииаиго, уаанӡа алагамҭахь иажәеинраалақәа асахьақәа рыла урылаигалоит, аӡмыжь аҟынӡа унеиаанӡа, раԥхьа аӡыӷӷара ушҭало еиԥш, уи ааҩҵәаны аӡмыжь ахь ушнеуа еиԥш... Апоет ииҳәарц ииҭаху есымша иажәеинраалақәа аҵыхәтәантәи рцәаҳәақәа еидараны ирыҵеиҵоит. Убри азоуп, аԥхьаҩгьы игәаҿы ихамышҭӡакәа изаанхо..."
Аамҭа, исараӡа!..
Шьоук андәықәлоз срыламызт заа,
Аха сызнылашаз мҩахәасҭак нрыжьт уи аҽны.
Уи ала сцоит еилыскаарц мци-ҵабырги рҳәаа,
Разҟы змоу изы разҟык ҟамлароуп иҵәахны…
Сара ибзианы исгәалашәоит 70-тәи ашықәсқәа рзы апоет Илиа Лашәриа данцәырҵ, поезиатә хәылԥазык аҿы уи иажәеинраалақәа ӡырго Аԥсны жәлар рпоет Мушьни Лашәриа ииҳәаз: " Аԥсуа поезиаҿы ҳара Лашәриаа аишьцәа хҩык ҳаҟан:- Алықьса Лашәриа, Мушьни Лашәриа, Илиа Лашәриа. Иахьа ҿыӷәӷәала иаҳҳәар ҟалоит зҟазара ҳаигәырӷьо ҳаешьара даҽа поеткгьы дацлеит ҳәа, уи Илиа Лашәриа иоуп. Ҳпоезиа абзиабаҩцәа, иахьеи уахеи уи иаԥхьо агәра шәсыргоит, абри апоет иаашьҭыхны ишәҟәқәа ирыԥхьо апоезиа иашаҵәҟьа ашҭа дышҭало.
Илиа Ҳазараҭ-иԥа Лашәриа дпоетуп, дышәҟәыҩҩуп, Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа рассоциациа далоуп 2003 шықәса рааахыс. А. М. Горки ихьӡ зху Аҟәатәи арҵаҩратә институт 1959 шықәсазы даналга аус иуан еиуеиԥшым аусҳәарҭақәа рҿы. 1982-1987 шш. рзы аус иуан ахәыҷтәы журнал "Амцабз" аредакциаҿы. Ахәыҷтәы жәеинраалақәа еидызкыло ашәҟәқәа ҭижьхьеит, иара убасгьы ажәеинраалақәеи апоемақәеи еидызқыло ашәҟәқәа, ажәамаанақәа, апроза маҷ ажанр иаҵанакуа ашәҟәқәа. Лашәриа акьыԥхьра далагеит 1955 шықәса раахыс, уи иҩымҭақәа ркьыԥхьуан ажурнал "Алашараҿы", агазеҭқәа- "Апсны ҟаԥшь", "Аԥсны", "Советскаиа Абхазиа", "Еҵәаџьаа" уҳәа убас егьырҭгьы.
Апоет Илиа Лашәриа иԥсҭазаара аӷьырак зегьы ажурнал "Амцабз" аҟны имҩаԥигеит, усҟан редактор хадас уаҟа аус иуан Аԥсны жәлар рышәҟәыҩҩы Алықьса Гогәуа. Ҳара усҟан ҳабиԥара иаҵанакуаз ҳҿақәан, аха даара бзиа иаабон уахь амҩахыҵра, ҳашәҟәыҩҩы ду Алықьса Гогәуа "ихәышҭаарахьы" анеира, изыӡҩрра, иԥышәа ашьҭкаара, алитератураҿы игьама бзиа аимдара. Убраҟа дҳақәшәон апоет Илиа Лашәриагьы... Уи даара иҟазшьа хаан, дыхәшан, акыраамҭа сизыӡҩрландаз уҳәарын. Уброуп сара иахьеилыскааз уи ҳаԥсуа поезиаҿы игәианны ицәырҵра акгьы ишаԥырхагамхаз, ииҳәаран ииҭахыз иҿахәы шиҳәаз, ҳлитература ишазынижьыз хәы змаӡам апоезиатә рҿиамҭақәа.