Аԥсуа ҳәынҭқарратә аҿар ртеатр 2024 шықәсазы х-спектакль ҿыц ықәнаргылеит, "Аԥеиҳаби", "Антигонеи", иара убас ахәыҷқәа рзы - "Акаџьбеира ахәшә". Абри атәы арадио Sputnik аефир аҟны дазааҭгылеит атеатр аиҳабы Аслан Еныкь, ихаҩсыз ашықәс аихшьаалақәа ҟаҵо.
"Иҳаҩсыз ашықәс азы ҳусуратә план иарбаз зегьы ҳахьӡеит, иаҳҭахуп иҵегь инахыҳәҳәаны аҟаҵара, аха ҳалшарақәеи ҳҭагылазаашьақәеи рыла хар амамкәа имҩасит. Ҳара есымчыбжьа Аԥсуа драматә театр асценаҿы ҳахәмарыр ауп, ак бжьамыжькәа ҳамшқәа зегьы харҭәаан. Уи инаҷыдангьы Аԥсны аҩнуҵҟа гастроль ҳасабла акыр џьара ҳцеит", - иҳәеит Еныкь.