АҞӘА, ажьырныҳәа 14 - Sputnik. Аԥсны 2025 шықәсазы еиҳа еицырдыруа адәныҟатәи атуристтә ҭыԥқәа рсиа иаҵанакуеит. Абри атәы иҳәеит АТОР аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Тарас Кобишьанов.
Иара иажәақәа рыла, иҟоу азԥхьагәаҭарақәа инарықәыршәаны Амшынеиқәаҿықәтәи атәылақәа ирыцлоит Ҭырқәтәыла, Еиду Арабтәи Аемиратқәа, Мысра, Таиланд, Китаи.
Кобишьанов иҳәеит, ҭырқәтәылатәи акурортқәа анхарҭатә ҭыԥқәа рхыԥхьаӡара ахьырацәоуи, ргеографиатә ҭыԥи, рлогистикеи ирыбзоураны аԥхьагылара шроуа. Егьырҭ аҭыԥқәа рҽырыԥсахыр рылшоит аԥырратә программақәеи агеополитикеи рымҽхак инамаданы.