АҞӘА, ажьырныҳәа 14 - Sputnik. Хьыбла Гьерзмааԥҳа авокалистцәеи аконцертмеистерцәеи рыбжьара иаԥылҵаз II Жәларбжьаратәи аицлабра аатит Москва, Станиславскии Немирович-Данченкои рыхьӡ зху атеатр аҿы.
Уи далахәын Хьыбла Гьерзмааԥҳа, аргентинатәи атенор, адирижиор Хосе Кура, 2023 шықәсазы имҩаԥысыз актәи аконкурс алауреатцәа.
Аԥхьахә хада аиуразы еицлабуеит 25-ҩык аконцертмеистерцәеи 45-ҩык авокалистцәеи, урҭ рхыԥхьаӡараҿы дыҟоуп Аԥснытәи аоператә шәаҳәаҩы Саид Габечиа.
Аицлабра х-хәҭакны ишьақәгылоуп, аиааира згази алауреатцәеи рконцерт хада мҩаԥгахоит ажьырныҳәа 24 рзы.