АҞӘА, ажьырныҳәа 15 - Sputnik. Украинатәи аԥшыхәратә усбарҭа урыстәылатәи аруаа Горловка (ДЖәР) иахьгылоу рҭыԥқәа аанрыжьырц азы $1 млн доллар рыдыргалеит, аха аконтрԥшыхәратә усбарҭа урҭ рыгәҭакқәа еиҵанаҟьеит ҳәа рҳәеит Урыстәыла АШәМ аҟны.
Аоперациа амҩаԥгараан Украинатәи Арбџьармчқәа рырхәҭақәа ахьеизакыз аҭыԥқәа шьақәыргыланы, урҭ рынеиҭаҵырҭа-ааиҭаҵырҭа ҭыԥқәа аахақәа рыҭан.
Уи аԥхьа, Украина $100 нызқь доллар авансла иианагеит. Арҭ аԥарақәа арратә операциа ҷыда алахәылацәа рзы ахархәагақәа раахәара иаздырхеит.