АҞӘА, ажьырныҳәа 15 - Sputnik. Хҩык ауаа рышьразы гәҩарас иҟоу Аслан Дочиа аӡбарҭа аҭакра иқәнаҵеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Апрокуратура хада.
Ашьаус аматериалқәа рыла ишьақәыргылоуп ажьырныҳәа 11 асааҭ 13:50 рзеиԥш Дочиеи, Лашарела Кәыҵниеи, Ешсоу Жьибеи акаҳуажәырҭа "Бисквит" хазы ауадаҿы иштәаз.
Урҭ рыбжьара иҟалаз аимак иахҟьаны Дочиа изакәанымкәа иныҟәигоз абџьар "Глока" ала бжьынтә иреиҵамкәа дреихсит.
Абри ашьҭахь Аслан Дочиа ахҭыс ахьыҟалаз аҭыԥ аҟынтә дыбналарц адәахьы дахьындәылҵыз Ешсоу Жьиба иашьа Нарсоу диҿаҳаит. Акаҳуажәырҭа аусзуҩцәеи аҭааҩцәеи рыԥсҭазаарақәа ашәарҭара иҭаргыланы Дочиа Жьиба ԥшьынтә иреиҵамкәа диеихсит.
Лашарела Кәыҵниеи аишьцәа Жьиааи ироуз ахәрақәа ирыхҟьаны рыԥсҭазаара иалҵит. Иара убри аҽныҵәҟьа Аслан Дочиа дааныркылеит, иганахь ала ашьаусгьы хацдыркит.