Аԥсны

АК хадаҿы аҳәынҭқарра ахадеи ихаҭыԥуаҩреи рахь акандидатцәа ԥшьҩык аршаҳаҭгақәа рыҭан

Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 17 - Sputnik. Аԥсны Алхратә комиссиа хадаҿы аҳәынҭқарра ахадеи ихаҭыԥуаҩреи рахь акандидатцәа ԥшьҩык аршаҳаҭгақәа рыҭан.
Аршаҳаҭгақәа рыҭоуп — Бадра Гәынбеи Беслан Бигәааи, Роберт Аршбеи Дауҭ Агрбеи, Адгәыр Арӡынбеи Алхас Џьынџьали, Олег Барцыци Адгәыр Какобеи.
Иацы, Алхратә комиссиа хадаҿы акандидат Адгәыр Хәырхәмал ашәҟәы дҭагалан, аха уи макьана аршаҳаҭга ирымҭац.
Аҳәынҭқарра ахада заанаҵтәи иалхрақәа мҩаԥысуеит жәабран 15 рзы.