Аԥсны аҳәынҭқарра ахадарахьы акандидат Адгәыр Хәырхәмал
Адгәыр Хәырхәмал диит нанҳәа 24 1982 шықәсазы Тҟәарчал.
Ибиографиатә дыррақәа:
Амилаҭ: аԥсуа
Аҵара: Маиҟәаԥтәи аҳәынҭуниверситет "Аекономикеи анаплакқәа рнапхгареи" азанааҭ ала.
Иусурҭатә ҭыԥ, иааникыло амаҵура: КБ "Черноморский Банк Развития" (ООО) Анапхгараҭара анапхгаҩы
Инхарҭа аҭыӡҭыԥ: 2024 шықәса раахыс - Аҟәа, Ачерқьесқәа рымҩа 18 аҩ.
Атәылауаҩра: Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәыла Афедерациеи
1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра: далахәӡамызт.
Адгур Хурхумал
© Foto / из соцсетей
Аҳәынҭқарра ахада ихаҭыԥуаҩ Ҭенгьиз Қәҭелиа
Ҭенгьиз Сардион-иԥа Қәҭелиа диит хәажәкыра 5 1971 шықәсазы Очамчыра араион Тамшь ақыҭан.
Ибиографиатә дыррақәа:
Амилаҭ: аԥсуа
Аҵара: Ставропольтәи аҳәынҭқарратә аграртә университет "агрономиа" азанааҭ ала.
Иусурҭатә ҭыԥ, иааникыло амаҵура: ԥхьатәара иҟоу аполковник
Инхарҭа аҭыӡҭыԥ: 2007 шықәса раахыс - Аҟәа, Шоссеинаџ ахәбатәи абжь. аҩ.27.
Атәылауаҩра: Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәыла Афедерациеи.
1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра далахәын.
Тенгиз Кутелия
© Foto / из соцсетей