Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәылатәи аруаа мчыбжьык иалагӡаны ԥшь-нхарҭа ҭыԥк рхы иақәиҭыртәит

Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 17 - Sputnik. Урыстәылатәи аруаа Курсктәи аобласт аҿы иҟоу ԥшь-нхарҭа ҭыԥк рхы иақәиҭыртәит – Александриа, Леонидово, Русское Поречное, Кругленкое, абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла атәылахьчара Аминистрра.
Урыстәылатәи архәҭақәа Курсктәи аобласт аҿы ржәылара хырхарҭацыԥхьаӡа имҩаԥысуеит. Аӷа ацәыӡ дуқәа иоуит, аоккупациа зызуу аҵакырақәа рҟынтәи дхьаҵуеит, иацҵаны арезервқәа шиҭоугьы.
Уи адагьы, ажьырныҳәазы Украинатәи Арбџьармчқәа рҟынтәи Бердин ақыҭа аганахьала аӷа Урыстәылатәи ажәылара аанкыларазы дызлагаз аконтржәылара аанкылан.
Украинатәи Арбџьармчқәа Курсктәи ахырхарҭаҿы ажьырныҳәамзазы ицәыӡит 5,6 нызқьҩык инареиҳаны ауааԥсыра, 570 ак арратә техника, урҭ рҟынтәи: 40 танк, 213 БМПи егьырҭ акәылӡмашьынақәеи, 91 артиллериатә шьақәгылақәеи аминаршәгақәеи, иара убас 210 автомашьына.